Урыстәыла аҳазалхратә уснагӡатәқәа дырмариеит

Аелектронтә документеикәыршара аԥыжәара аҭара азыԥхьагәаҭоуп атауар адекларациа азураан еиԥш аҳазалхратә органқәеи иара зҵазкуа ахаҿқәеи реинырраангьы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Аҳазалхратә уснагӡатәқәа рҭышәныртәаларазы урыстәылатәи азакәанԥҵара аԥсахрақәа иалдыршараны иҟоуп аелектронтә еинырра. Иара амчра аиуеит цәыббра 4, 2018 шықәса инаркны. Аелектронтә документеикәыршара аԥыжәара аҭара азыԥхьагәаҭоуп атауар адекларациа азураан еиԥш аҳазалхратә органқәеи иара зҵазкуа ахаҿқәеи реинырраангьы. Азакәан инапы аҵаҩуп Урыстәыла Ахада Владимир Путин нанҳәа 3, 2018 шықәса рзы. Аԥсахрақәа Урыстәылатәи азакәанԥҵареи Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазалхратә закәанеидкылеи еиԥшнатәуеит.

Аелектронтә ҳазалхратә уснагӡатә ахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҭара, аҳазалхратә баџь алхраан аинырра, атауарқәа рхылаԥшра, аӡбрақәа рзашшра ҳәа азгәанаҭоит Афедералтә ҳазалхратә маҵзура.

Аҿыцрақәа идыркьаҿуеит аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара аамҭа, иазыԥхьагәаҭоуп ашәарақәа рымҩаԥгара амеханизм.

Аҳазалхратә уснагӡатәқәа рҭышәныртәаларазы урыстәылатәи азакәанԥҵара аԥсахрақәа амчра роуеит цәыббра 4, 2018 шықәса инаркны.