Ердоган Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Шьамтәыла русеицура хра аманы ибоит

Ердоган иҳәеит дшеигәыӷуа, цәыббра быжьба рзы Иран имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран рнапхгаҩцәа рсаммит аҟны хра змоу аӡбрақәа рыдыркылап ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 5— Sputnik. Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Таип Ердоган деигәыӷуеит, цәыббра быжьба рзы Иран имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран рнапхгаҩцәа рсаммит аҟны хра змоу аӡбрақәа рыдыркылап ҳәа. Иара убасгьы Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Шьамтәыла русеицура хра аманы ибоит. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости Haberturk адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭырқәтәыла ар Шьамтәыла аҳәаа иаднахалоит

Ердоган игәаанагарала, Идлиб иахҟьаны ауаа жәпа ҭахар алшоит. Убри аан ахҵәацәа раԥхьа иргыланы Ҭырқәтәылаҟа рхы дырхоит.

Ердоган игәаанагарала ҭынчмҩала аиҿцәажәарақәа абри апроцесс аԥхьдырҟәҟәаар алшоит.

Иахьазы шьамтәылатәи апровинциа Идлиб аиҳабыратә армчқәа хылаԥшра арҭом. Уаҟа иҟоу аоппозициаа рыррамчқәа роуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Шьамтәыла акәша-мыкәша аҭагылазаашьа еиҭах еибархханы иҟоуп.