Шьамтәыла Израиль имҩаԥнагаз ажәылара аԥнарҟәҟәааит

Уаанӡа Израиль изныкымкәа Шьамтәыла аҵакырадгьыл иалахысхьан.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Шьамтәыла Израиль имҩаԥнагаз аҳаиртә жәылара аԥнарҟәҟәааит, аракетақәа хәба кажьуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура САНА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Израиль Шьамтәыла аҳаирплан карыжьит

"Хама иахьаҵанакуа Шьамтәылатәи араион Вади аль-Уиун аҟны израильтәи аҳаирпланқәа иҭдырҟьаз аракетақәа хәба карыжьит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡатәи амаҵзура адырраҭарақәа рыла абри араион аҿы изныкымкәа ажәыларақәа ҟалахьан.

Ажәылара мҩаԥган Тартуси Хамеи иҟоу арратә обиектқәа ирықәкны.

Амедикцәа ражәақәа рыла, аӡә дҭахеит ԥшьҩык ахәрақәа роуит.

Уаанӡа Израиль изныкымкәа Шьамтәыла аҵакыра иалахысхьан. Убас, нанҳәа ҩба рзы Голантәи аҳаракыраҿ ажәылара мҩаԥыргахьан. Аҳаракыраҿ уаанӡа атеррористтә еиҿкаара "Исламское государство" аибашьцәа тәан.

1973 шықәса раахыс Шьамтәылеи Израили реизыҟазаашьа аибашьратә ҟазшьа аманы иҟоуп.