Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҭҵаарақәа мҩаԥнагеит

Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа кьыԥхьуп ажурнал The Lancet Global Health аҿы, ООН Ассамблеиа хада ахԥатәи аилацәажәара аламҭалаз. Аилацәажәара азкхоит иҿкым ачымазарақәеи урҭ рыҿиареи. Иара мҩаԥгахоит цәыббра 27 рзы Ниу-Иорк.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ) аҭҵаарақәа мҩаԥнагеит. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа кьыԥхьуп ажурнал The Lancet Global Health аҿы, ООН Ассамблеиа хада ахԥатәи аилацәажәара аламҭалаз.

Аилацәажәара азкхоит иҿкым ачымазарақәеи урҭ рыҿиареи. Иара мҩаԥгахоит цәыббра 27 рзы Ниу-Иорк. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҵарауаа ргәаанагарала амаха-шьаха ашьшьылаҳара 1,4 миллиардҩык ауааԥсыра ирызцәырнагар алшоит ашьақарчымазара, агәыхьчымазара, агәыԥҳәи акььатеишәпеи рчымазара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҳақьым Регина Гутхольд, аҭҵаарақәа равторцәа руаӡәк, иазгәалҭоит ауааԥсыра реиҳараҩык итәаны раамҭа рхыргоит ҳәа.

2001 — 2016 шықәсқәа рзы Мраҭашәаратәи атәылақәеи Латинтәи Америка атәылақәеи руааԥсыра рыбаҩ арҵәра хьадыргәгәеит ҳәа ишьоуп.

ААЕ (ВОЗ) абжьагарақәа рыла 18-64 шықәса зхыҵуа мчыбжьык аҩныҵҟа 150 минуҭ еиҵамкәа рымаха-рышьаха аус адрулароуп.