"Аӷа" ижәыларатә десант ҭархоуп

Ажәыларатә десант аҿаԥхьа иқәгылан адиверсиа-террористтә актқәа рымҩаԥгареи аҭыԥантәи ауааԥсыра апаника рылаҵареи.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 6— Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Иара иалахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи. Уажәазы аррамаҵзурауаа имҩаԥыргоз аинсцинировка ала ажәыларатә десант аҿаԥхьа иқәгылан адиверсиа-террористтә актқәа рымҩаԥгареи аҭыԥантәи ауааԥсыра апаника рылаҵареи ҳәа ааицҳауеит аокруг апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев.

Урыстәыла аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә зыҟаҵарақәа мҩаҧнагеит

"Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа имҩаԥыргоз аинсцинировка ала ажәыларатә десант аҿаԥхьа иқәгылан адиверсиа-террористтә актқәа рымҩаԥгареи аҭыԥантәи ауааԥсыра апаника рылаҵареи. Уи шьахәла имҩаԥган", — иҳәоит иара.

"Аӷа" атранспорт вертолет Ми-8 ала аполигон "Нагвалоу" ахь инеишьҭраны дыҟан агәыԥ ҷыда, уи аԥырҟәҟәаатәын.

Хымштәи аҽазыҟаҵара ҷыдақәа мҩаԥысуан иҟалар зылшо аҭагылазаашьа акыр иазааигәатәны. Адесантникцәа рроль нарыгӡон аԥшыхәратә ротақәа рыррамаҵзурауаа.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Иара иалахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи.