Молдавиа Ахада имашьына амҩатә машәыр иақәшәеит

Молдавиа Ахада имашьына амҩатә машәыр иақәшәеит ареспубликатә мҩаду Страшены—Калараш аҿы. Амашьынақәа реишьҭагыла аидарамҩангага машьына рыжәлеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9— Sputnik. Молдавиа Ахада Игор Додон имашьына амҩатә машәыр иақәшәеит ареспубликатә мҩаду Страшены—Калараш аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости молдавиатәи ателеканал Publika.md. адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Иҟоу адыррақәа рыла атәыла Ахада ахәышәтәырҭахь днаган", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аполициа амашәыр шыҟалаз мап ацәыркуам аха алацәажәара иақәшаҳаҭым.

"Игор Додон иԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам, аҳақьымцәа рыцхыраарагьы аҭахны иҟам", — иҳәеит Додон ипресс-маӡаныҟәгаҩ Максим Лебединский.