Хабенски ирҿиамҭа "Собибор" Урыстәыла ахьӡала акиноԥхьахә азы иқәыргылахоит

"Собибор" аҟны еиҭаҳәоуп иҟаҵәҟьаз ахҭысқәа, анацисттә лагер аҿы аҿагыларатә қәгылара амҩаԥгара.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik. Константин Хабенски икинофильм "Собибор" 2019 шықәса рзы "Оскар" аҿы Урыстәыла иахаҭарнакхоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Собибор" бжьеиҳала иалкаахеит. Рыхьӡ ҳәан аԥхьахә ахь анашьҭраз акинофильмқәа "Довлатов", "Лето", аха аԥхьахә аиуеит ҳәа еиҳа узықәгәыӷуа ықәыргылатәуп", — иҳәеит аилак алахәыла, апродиусер Александр Родниански.

Афильм иаанарԥшуеит иҟаҵәҟьаз ахҭысқәа. Анацист лагер аҿы ақәгыллара еиҿикааит асовет офицар Александр Печерски.

Акиносахьа хә-бызшәак рыла иҭыхуп: аурыс, аполиак, анемец, аидиш, анидерланд бызшәақәа.

"Собибор" аҿы ароль хада неигӡоит Константин Хабенски. Иара убасгьы иара иалахәуп: Кристофер Ламберт, Фелисе Ианкелль, Михалина Ольшанскаиа, Филипп Реинхардт, Мариа Кожевникова, Гела Месхи. Афильм продиуссорс иамоуп: Ельмира Аинулова, Глеб Фетисов, Мариа Журомскаиа.