Никита Михалков ахәышәтәырҭа дҭашәеит

72-шықәса ирҭагылоу Никита Михалков ахәышәтәырҭа дҭашәеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik. 72-шықәса ирҭагылоу урыстәылатәи арежиссиор Никита Михалков ахәышәтәырҭа дҭашәеит ҳәа аанацҳауеит аканал "360".

"Никита Михалков аоперациа изыҟарҵеит. Иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп", — ҳәа Михалков аус ицызуа иҩыза, асахьаҭыхыҩ, адраматург Александр Адабашьиан иажәақәа аанагоит акаанал.

Никита Михалков диит Москва, еицырдыруа ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы Сергеи Михалкови апоетесса, аиҭагаҩ Наталиа Кончаловскаиеи рыҩнаҭаҿы. Иан лганахь ала иабду, асахьаҭыхыҩ Петр Кончаловски иакәын, иабду иаб асахьаҭыхыҩ ду Васили Суриков иакәын.