Сальвини: Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа хшыҩдоуп

Италиа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Европарламент ахь 2019 шықәса рзы иҟалараны иҟоу алхрақәа дрылацәажәо иҳәеит аиҭакрақәа ҟалоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 11— Sputnik. Италиа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маттео Сальвини Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа хшыҩдоуп ҳәа иԥхьаӡоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Евроеидгыла атәылақәа асанкциақәа ирыцырҵарц рыӡбеит

"Европарламент ахь 2019 шықәса лаҵарамзазы иҟалараны иҟоу алхрақәа ирыхҟьаны аиҭакрақәа ҟалар алшоит, Европа амчрақәагьы рҽҽеиҭаркыр ауеит", — иҳәеит иара.

Убри аан иазгәеиҭеит Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа иарбанызаалак аекономикатә, аполитикатә, асоциалтә ма акультуратә ҵакы рыманы иҟам ҳәа.

Сальвини арҭ асанкциақәа акритика рзиулоит аамҭа-аамҭала.

Убас, ԥхынгәымзазы иара алаҳәара ҟаиҵеит Италиа асанкциақәа раԥыхра иадгылаҩуп ҳәа.

Уаанӡа Ҟрым астатус алацәажәара дшазыхио азгәеиҭахьан.

Иара игәаанагарла Урыстәылеи Италиеи еипартниору тәылақәазароуп, аимабзиара апринцип иқәныҟәалароуп.