Цәыббра 11 азтәи арыцҳара иалаӡыз иахьагьы еилкаақәам ыҟоуп

Цәыббра 11 2001 шықәса рзы Америка апассаџьыртә лаинерқәа ҩба Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә центр ахыбрақәа иргәыдлеит. Ахԥатәи аҳаирплан Пентагон ахыбрахь ахы археит. Иҭахеит 2977-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 11— Sputnik. Цәыббра 11 2001 шықәса рзы Америка иҟалаз арыцҳараан иҭахаз рҟынтә зықьҩык инарзынаԥшуа аҟынӡа иахьагьы рхаҭара шьақәыргылам ҳәа аанацҳауеит апортал "360tv" Reuters адыррақәа шьаҭас иганы.

Атеракт аан иҭахаз руаӡәк иан Даиана Хорнинг иазылыԥхьаӡоит Вашингтонтәи аиҳабыра аматериалқәа зегьы рхы иахьадмырхәо иахҟьаны зхаҭара шьақәыргылоу рхыԥхьаӡара иацлом ҳәа.

"Аидентификациа иахьагьы имҩаԥыргоит аха ахархәара зуҭаша аматериалқәа зегьы рхы иахьадмырхәо иахҟьаны зхаҭара шьақәыргылоу рхыԥхьаӡара иацлом", — лҳәеит Даиана Хорнинг.

Атеракт ҟалеижьҭеи аидентификациа ззырухьоу хәҩы-заҵәык роуп.

Цәыббра 11 2001 шықәса рзы Америка апассаџьыртә лаинерқәа ҩба Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә центр ахыбрақәа иргәыдлеит. Ахԥатәи аҳаирплан Пентагон ахыбрахь ахы археит. Иҭахеит 2977-ҩык ауааԥсыра.