Америка Марадона изку асериал ҭырхуеит

Марадона – еицырдыруа аргентинатәи ашьапылампыл асыҩ, ХХ ашәышықәсазы иреиӷьу аспортсменцәа дреиуоуп.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 13— Sputnik. Америкатәи аилахәыра Amazon иҭнахраны иҟоуп аргентинатәи ашьапылампыл асыҩ Диего Марадона иԥсҭазаара иазку асериал ҳәа аанацҳауеит Газета.ru.

Марадона аргентинатәи акоманда хәыда-ԥсада азыҟаҵара дақәшаҳаҭуп

Уажәы иҭырхраны иҟоу афильм ахԥатәиуп. Уаанӡа арежиссиорцәа Емир Кустурицеи Марко Ризии иҭырххьан Марадона изкны акинофильмқәа.

Актиорцәа хҩык — Николас Голдшмидт, Назарено Касеро, Хуан Паломино — ашьапылампыл асыҩ иԥсҭазаара еиуеиԥшым аетапқәа аадырԥшуеит. Асериал цәыргахоит Amazon астриминг-сервис аҿы хара имгакәа.

Марадона, ФИФА аверсиала ачемпионатқәа зегьы рҿы иреиӷьу ахәмарыҩцәа реизгеи ФИФА ашьапылампыл асыҩцәа 100-ҩык ртоп дырлахәылоуп, "Ахьтәы мпыл" ианашьоуп. Ашьапылампыл асра далагеит хышықәса анихыҵуаз, 17 шықәса анихыҵуаз еизгоу амилаҭтә команда далахәхеит. Хәынтә Аргентина иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа дыршьахьеит.