Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала хаҭалатәи асанкциақәа ирыцнаҵоит

Аҵыхәтәаны Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала хаҭалатәи асанкциақәа ирыцнаҵеит хәажәкырамзазы. Асанкциақәа рыҿҳәара нҵәоит цәыббра 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 13— Sputnik. Аԥшьашаҽны, Евроеидгыла Ахеилак "Украина аҵакырадгьылтә акзаара ҵызшәаауа" ҳәа ракәны иашьо Урыстәыла ахатә хаҿқәеи аиҿкаарақәеи рганахь ала хаҭалатәи асанкциақәа аҽа фымз ирыцнаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ахеилак апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵаӷәыс иганы.

Трамп алхрақәа рыҽрылагаларазы асанкциа ҿыцқәа инапы рыҵаиҩит

Аԥкыратә усқәа ирыцҵоуп 2019 шықәса хәажәкыра 15 рҟынӡа.

2014 шықәса хәажәкырамзазы Евроеидгыла Украина аҵакырадгьылтә акзаара ҵыршәаауеит ҳәа иашьаз ахаҿқәа рганахь ала асанкциа ҷыдақәа аднакылеит. Уиижьҭеи дара ес-шықәсыбжа иацырҵон.

Асанкциатә сиа акәзар еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауан. Иахьазы уи асиа иануп 155-ҩык ахаҿқәеи 44 еиҿкаареи.