Симониан Скрипальраа "ашҳам рызҭаз" дрыҿцәажәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин, Мрагыларатәи аекономикатә форум апленартә еилатәараҿы иқәгылараан ааԥхьара ҟаиҵеит ажурналистцәеи ацәгьара руит ҳәа агәаанагара ззыҟои еиҿцәажәарц.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 13 — Sputnik. Аинформациатә агентра RT аредактор хада Маргарита Симониан асоциалтә ҳақәа рҟны лдаҟьақәа рҿы адырра ҟалҵеит, Урыстәыла атәылауаа Александр Петрови Руслана Боширови, Лондон Скрипальраа "ашҳам рызҭаз" ҳәа иашьо дышрыҿцәажәаз азы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Скрипальраа ахәшә рырҭеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу рыхьӡ рҳәеит

Цәыббра 5 рзы Британиа апрокуратура Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа— Александр Петрови Руслан Боширови ахара рыднаҵеит Скрипальрааи британиатәи аполициа аусзуҩ Ник Беили рышьра аҽазышәаразы. Британиа аԥыза-министр Тереза Меи ишьақәлырӷәӷәоит арҭ ауаа ГРУ иаусзуҩцәоуп ҳәа. Британиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада ихаҭыԥуаҩ Бен Уолл аҳәамҭа ҟаиҵеит аби аԥҳаи Скрипальраа ахәшә рызҭаз ҳәа иршьо ауаа ашҳам абритан ҵакырадгьыл ахь аҳаирплан абагажтә ҟәшаҿы иҵәахны ииаргеит ҳәа.

Аҩашаҽны британиатәи аҭыжьымҭа Daily Express, британиатәи аԥшыхәырҭа анонимтә хыҵхырҭа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы ирыланаҳәеит Скрипальраа ахәшә рыҭаразы Британиа аҵакырадгьыл ахь Александра Петрови Руслан Боширови алазгалаз Лондон аусура иаднаԥхьалаз урыстәылатәи адипломат иоуп ҳәа.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахарадҵара ахҳәаа аҭо иазгәанаҭеит икьыԥхьу афотосахьақәеи ирылаҳәоу ахьӡқәеи акгьы шырымҳәо, асеиԥш иҟоу аус аҭҵаара ҵаула шаҭаху.

​​ Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Скрипальраа рус азы агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа Урыстәыла амчрақәа ишырдыруа. Аҳәара иуит урҭ ажурналистцәа ирыҿцәажәарц.