SpaceX раԥхьатәи акосмос ахь иԥыруа атурист ихьӡ цәырнагоит

SpaceX раԥхьатәи акосмос ахь иԥыруа атурист ихьӡ цәырнагоит цәыббра 17 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 14— Sputnik. Аилахәыра SpaceX раԥхьатәи акосмостә туристи иареи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, Амза иахыкәшан иԥырны ихынҳәуа аракетала имҩангаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Амзахь раԥхьатәи атурист дымҩаннагоит аракета Big Falcon (BFR). Ари акосмос ахь ацара зҭаху ауаа рзы шьаҿа бзиоуп", — ҳәа адырра ҟанаҵоит аилахәыра Twitter аҿы.

Аилахәыра SpaceX ахаҭарнак иажәақәа рыла акосмос ахь атурист ишьҭра алшоит 2019 шықәса рзы.

Адгьыл аҟынтәи Амзахь иԥырхьеит 24-ҩык астронавтцәа.