Евро акурс еиҭах ихалеит

Амчыбжь алагамҭаз европатәи авалиутеи америкатәи адоллари 2016 шықәса хәажәкырамзатәи рҭыԥ ныркылеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 14— Sputnik. Москватәи абиржаҿ аҭирақәа анхацыркха инаркны евро аганахь ала амааҭ каҳауа иалагеит, уажәазы иара 80 мааҭ иахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адоллар акурс акәзар, 70 мааҭ рҟынӡа инеиит. Евро аофициалтә курс 18,22 копеи ацланы — 79,9521 мааҭ рҟынӡа инеиит, адоллар акурс 35,44 копеи илаҟәит — 68,2826 мааҭ артәоит ҳәа адырра ҟанаҵоит Москватәи абиржа.

Анефть, амарка Brent иатәу ахәԥса халеит 0,67% —73,12 доллар баррельк аԥсахоит.