"Формула-1" анымҩаԥысуа аамҭазы Шәачатәи амҩадуқәа адыркуеит

"Формула-1" Гран-при 2018 шықәса рзы имҩаԥысуеит "Сочи Автодром" аҿы, цәыббра 27-30 рзы. Урыстәыла ахьӡала дықәгылоит апилот Сергеи Сироткин акоманда "Уильямс" аҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18— Sputnik. "Формула-1" анымҩаԥысуа аамҭазы амҩаду Џьубга- Шәача адыркуеит "Сочи Автодром" аҿы цәыббра 27-30 рзы имҩаԥысуа "Формула-1" Гран-при аан.абри атәы аанацҳауеит "Кубанские новости".

"Арахь иаҵанакуеит аидарамҩангага машьына дуқәа. Урҭ рныҟәара ԥкхоит аицлабрақәа рымҩаԥысраан ашәарҭадара аиҿкааразы. Аидарамҩангагақәа рныҟәара ԥкхоит асааҭ 06:00 инаркны 24:00 рҟынӡа цәыббра 27 — 30 рзы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аныҟәараԥкра еиҿкаахоит амҩадуқәа: А-147 Џьубга — Шәача — Аԥсны аҳәаа, А-149 Адлер — Краснаиа Полиана; Адлер — ГЛК "Альпика-Сервис".

"Формула-1" Гран-при 2018 шықәса рзы имҩаԥысуеит "Сочи Автодром" аҿы, цәыббра 27-30 рзы. Урыстәыла ахьӡала дықәгылоит апилот Сергеи Сироткин акоманда "Уильямс" аҟынтәи.