Ҭырқәтәыла амҩатә машәыр ҟалеит

Амҩаду Афьонкарахисар-Анталиа аҟны автобус амҩатә машәыр иақәшәеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18— Sputnik. Ҭырқәтәылатәи амҩаду Афьонкарахисар-Анталиа аҟны автобус амҩатә машәыр иақәшәеит. Иҟоуп аԥсыҭбарақәа: иҭахеит ааҩык, аҟәаҟәарақәа роуит 28-ҩык ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал NTV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Анталиантәи Ескишехирҟа амҩа иқәыз ареистә автобус ишьақәыргылам амзыз иахҟьаны амҩа ианыҵны иааҳәит. Аахақәа зауз ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Аусҭҵаарақәа нап рыларкит.

Уаанӡа, нанҳәамзазы 25-ҩык урыстәылатәи атуристцәа зҭаз автобус аҳаиртә баӷәазахь амҩа ишықәыз иааҳәит. 13-ҩык аахақәа роуит.