Арок-гәыԥ KISS аконцерттә усура хнаркәшеит

KISS аконцерттә усура шыхнаркәшо азы аҳәамҭа ҟарҵеит агәыԥ алахәылацәа Пол Стенлии Джин Симмонси.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 21— Sputnik. Америкатәи арок-гәыԥ KISS аҵыхәтәантәи аконцерттә тур шымҩаԥырго азы адырра ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

KISS аконцерттә усура шыхнаркәшо азы аҳәамҭа ҟарҵеит агәыԥ алахәылацәа Пол Стенлии Джин Симмонси.

"Ари атур ҳара ҳзы иҵыхәтәантәиуп. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит уи акраамҭа ишәхамшҭуа иҟаларц азы. Бзиа ҳазбо зегьы шәааҳаԥхьоит ҳконцерт ахь. Уаанӡа ҳзымбацызгьы иахьа ишәоуеит алшара ҳбаразы, ҳдырразы", — иҳәеит Стенли ашоу America's Got Talent афиналтә қәгылараан.