Ленини Гитлери: Перу ақалақь ахада иалхра

Перу ақалақь Иунгар ахадас зкандидатура ықәгылоу алхрақәа дрыладмырхәыр алшоит ихьӡ азы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 21— Sputnik. Перу ақалақь Иунгар ахадас икандидатура ықәгылоуп Гитлер Альба Санчес. Ари аҭагылазаашьа иԥсахы еибанаркит иара иџьынџьуаҩ Ленин Владимир Родригес Вальверде, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости перуантәи арадио RPP адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ленин Родригес Вальверде алхыҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Гитлер ақалақь ахадас далрымхырц.

Гитлер Альба Санчес иакәзар ари ауаҩ дсыздырам ҳәа дықәгылеит, иара игәаанагарала Ленин Владимир Родригес Вальверде иҿагыло акандидат далхзарц зҭаху рхы дадырхәоит.

Гитлер апартиа "Мы — Перу" дахаҭарнакуп. 2011-2014 шықәсқәа рзы ақалақь Иунгара хадара азиуан.

Акандидат иҳәоит уаанӡагьы ихьӡ иахҟьаны еиуеиԥшым ахҭысқәа дышрықәшәахьо, ихьӡ аиҭакрагьы шигәҭеикхьаз аха ихьӡ ихьӡызҵаз иаб иаҳаҭыр азы ишыҟаз ишаанижьыз.

"Ҳәарада саб Гитлер иҭоурых издырамызт. Ианиаҳа, игәаԥхан исыхьӡиҵеит", — иҳәеит иара.