Молдавиа Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа атәыла ахада аамҭала имаҵзура дамырхит

Додон хынтәуп аамҭала имаҵзура дамырхуеижьҭеи. Ҩынтә дамырххьан аминистрцәа ркандидатурақәа ахьышьақәимырӷәӷәоз азы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik. Молдавиа Аконституциатә ӡбарҭа атәыла ахада Игор Додон аамҭала имаҵзура дамырхит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Атәыла ахада аамҭала имаҵура иамхра мзызс иамоуп атәыла аԥыза-министр идигалаз аминистрцәа ркандидатурақәа мап ахьырцәикыз", — иҳәеит аӡбарҭа ахантәаҩы Михаи Поалелунжь.

Молдавиа Ахада имашьына амҩатә машәыр иақәшәеит

Цәыббрамзазы аԥыза-министр Павел Филип, Додон идигалеит аминистрцәа ҿыцқәа ҩыџьа ркандидатурақәа. Агәабзиарахьчареи аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрс ихьӡ ҳәан Сильвиа Раду, ақыҭанхамҩеи арегионалтә ҿиареи рминистрс — Николаи Чубук. Додон арҭ акандидатурақәа идимкылеит.

Иара иҳәеит Раду амедицинатә ҵара шимам, Чубук иганахь ала акәзар, "ицқьаразы" азҵаарақәа шимоу.

Молдавиа аконституциа ала, ахада аԥыза-министр идигалаз акандидатура знык мап ацәикыр ҟалоит. Аҩбатәи имапкраан иара аамҭала иаҵзура дахыргоит.

Додон хынтәуп аамҭала имаҵзура дамырхуеижьҭеи. Ҩынтә дамырххьан аминистрцәа ркандидатурақәа ахьышьақәимырӷәӷәоз азы.

Молдавиа ахадеи аиҳабыреи реиҿагылара мҩаԥысуеижьҭеи акрааҵуеит. Еиҳарак уи мзызс иамоу адәныҟатәи аполитикоуп. Иара Урыстәыла анаалара дадгылаҩуп, атәыла аиҳабыреи апарламенти Мраҭашәарахь рхы кыдуп.