Michael Kors ҩ-миллиард доллар ҳәа Versace аанахәоит

Италиатәи амодақәа рыҩны ашьаҭаркҩы иҭаацәа ԥхьаҟагьы абренд аусқәа рхы рыладырхәлоит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 25 — Sputnik. Милантәи амодақәа рыҩны Versace агәыԥ Michael Kors 2 миллиард доллар ҳәа иаанахәоит ҳәа аанацҳауеит "Ведомости".

АИХ иҟарҵо адыррақәа рыла официалла аилаӡара атәы рыларҳәараны иҟоуп абри амчыбжь азы Аҩны Versace ашьаҭаркҩы Джанни Версаче иаҳәшьа, апрезидент ихаҭыԥуаҩ Донателлы Версаче далархәны.

Michael Kors уажәшьҭарнахыс аилахәыра шахатәхогьы Италиатәи амодақәа рыҩны ашьаҭаркҩы иҭаацәа ԥхьаҟагьы абренд аусқәа рхы рыладырхәлоит.

Аҭира мзызны иаиур ҟалоит ҳәа рҳәоит америкатәи аилахәыра Michael Kors европатәи аконгломератқәа LVMH (Louis Vuitton, Givenchy, Guerlain, Hennessy и др.), Kering (Gucci, Yves Saint Laurent, Balenciaga), Richemont (Cartier, Chloé) ирандаҭлар ахьаҭаху.