Ажәадгала: 2026 шықәсазтәи аӡынтәи Аолимпиада ахәҭак Шәача имҩаԥгазарц

Ҭырқәтәылатәи аган ажәадгалала Ҭырқәтәыла имҩаԥысраны иҟоу Аолимпиада ахәҭак (бобслеи, скелетон,) Шәача имҩаԥгазарц.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 26—Sputnik. Ҭырқәтәылатәи паровинциа агубернатор Ерзурум Сеифеттин Азизоглу аӡынтәи Аолимпиады-2026 амҩаԥгара авариантқәа ируакны аиҿкааҩцәа ирыдигалеит уи ахәҭак Шәача амҩаԥгара. Абри атәы аанацҳауеит Sport24.

"Ҳара аусура ҳаҿуп Аолимпиада амҩаԥгаразы азин ҳаурц. Иҟоуп аидеи Шәачеи ҳареи еицымҩаԥаагарц. Урыстәылатәи акурорт аҿы иҟоуп ҳара иҳамам аобиектқәа. Урҭ рыргылара аԥара ду аҭахуп. Абри мзызны иаҭаны Аолимпиада ахәҭак Шәача имҩаԥгазар ауеит", — иҳәеит Азизоглу.

Шәача имҩаԥысит аӡынтәи Аолимпиада-2014.