Аҩбатәи адунеитә еибашьра афотосахьақәа аукцион ахь ицәыргоуп

Аҩбатәи Адунеитә еибашьра иалахәын 61 ҳәынҭқарра. Аибашьрақәа цон 40 ҳәынҭқарра рҿы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 26 — Sputnik. Уаанӡа идырмыз Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра иазку афотосахьақәа Британиа ду аукцион аҿы ицәырыргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Daily Mail адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Анемец мшынуаҩ афотосахьақәа ҭихит 1939 шықәса цәыббра 1 ашьыжь ашамҭаз польшатәи абаза Вестерплатте иақәкны анемец ескадратә ӷба "Шлезвиг-Гольштейн" раԥхьатәи ахысра.

Афотосахьақәа иаадырԥшуеит ибылуа амшынтә баӷәазеи абаӷәаза ааигәа-сигәа иҟаз аргыларақәеи.

Аҭыжьымҭа аинформациала арҭ афотосахьақәа уаанӡа акьыԥхь рымбацызт, 1960-шықәса рзы дара британиатәи аҭоурыхдырыҩ иднагалеит. Альбом ахәԥса 250 фунт стерлинг (21,6 нызқь мааҭ).

Германииа, Италииа, Иапониа ихацдыркыз Аҩбатәи Адунеитә еибашьра иалахәын 61 ҳәынҭқарра. Аибашьрақәа цон 40 ҳәынҭқарра рҿы.