Ермантәылеи Азербаиџьани рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ООН еиԥылеит

Ермантәылеи Азербаиџьани рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ООН Ассамблеиа хадаҿы еиԥылеит ОБСЕ Минсктәи агәыԥ ацхантәаҩцәа рыбжьаҟазарала.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 27 —Sputnik. Ермантәылеи Азербаиџьани рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Ельмара Мамедиаровеи Зограб Мнацаканиани ООН Ассамблеиа хадаҿы еиԥылеит, ҟарабахтәи аимак аҭышәныртәалара алацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, аиԥылара мҩаԥысит ОБСЕ Минсктәи агәыԥ ацхантәаҩцәа рыбжьаҟазарала.