Ҭырқәтәыла Иран иадҟарҵало асанкциақәа рыдгылара агәы иҭам

Уаанӡа Ҭырқәтәыла ЕАШ асанкциақәа рҭакс америкатәи атауарқәа рганахь ала абаџьқәа шьҭнаххьан.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 27 — Sputnik. Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоглу аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла Еиду аштатқәа Иран иадҟарҵало асанкциақәа ирыдгылом, ԥхьаҟагьы аилахәаахәҭра мап ацәнакуам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ердоган Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Шьамтәыла русеицура хра аманы ибоит

"Ҳара иарбанызаалак асанкциақәа ҳрыдгылап ҳәа ҳгәы иҭам", — иҳәеит иара ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак рыҭо.

Ҭырқәтәыла Еиду аштатқәа Иран иадҟарҵало асанкциақәа ирыдгылом, ԥхьаҟагьы аилахәаахәҭра мап ацәнакуам иҳәеит иара.

"Ҳара ҳацхәаахәҭра зҭахны иҟоу мап рцәаҳкуам. Ҭырқәтәыла исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп. Арҭ асанкциақәа ООН акәзар имҩаԥызго, ҳрыдгылоит, мап анакәха ҳрыдгылом", — иҳәеит иара.

Вашингтони Анкареи реизыҟазаашьақәа уадаҩхеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны.