Раԥхьаӡа акәны астероид аҟынтәи авидео ҭыхуп

Автоматтә станциа "Хаябус-2" акосмос ахь ишьҭын 2014 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы, астероид Риугиу аҟынтәи аҭагылазаашьатә материал агаразы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik. Ароверқәа MINERVA-II1 ҩба Адгьыл ахь иаарышьҭит астероид аҟынтәи афотосахьақәеи икьаҿу авидеонҵамҭеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости иапониатәи аерокосмостә ҭҵаарақәа рмаҵзура JAXA асаит адыррақәа ҵаҵаӷәыс иганы.

"Асахьаҿ иубарҭоу аклаҵәқәа баша ароверқәа ркәыршаҿы ирымаӡам. Дара х-уснагӡатәык мҩаԥыргоит: астероиди аровери реидылара еиҳа идырӷәӷәоит, амратә батареиақәа аԥхасҭа иацәырыхьчоит, аҳауатә рбагақәа рыҩныҵҟа иҵәахуп", — ҳәа рҳәоит амаҵзура аҵарауаа.

Иапониатәи аппарат ахықәкаҿы инеиит рашәарамза алагамҭазы маҷ-маҷ астероид аҽазааигәатәуа. Мчыбжьқәак рышьҭахь "Хаябус-2" ԥхьаҟатәи аҭҵааразы астероидтә материал Адгьыл ахь иаашьҭхоит.

1 / 3
Поверхность астероида Рюгю
2 / 3
Тень антенны и шпиля ровера MINERVA-II1
3 / 3
Поверхность астероида Рюгю

Убри ашьҭахь апланетабжьаратә станциа Риугиу аҽазааигәанатәуеит.

"Хаябус-2" астероид ахь инаргеит илбаарышьҭуа аппаратқәа хԥа: иапониатәи ароверқәа MINERVA-II1 ҩбеи, европатәи аппарат MASCOT-и.

MASCOT жьҭаарамза алагамҭаз астероид амагниттә дәқәа рыҭҵаара иалагоит.