Шарль Азнавур игәалашәара иазкны Еифель ибаа хьыԥшшәыланы идырлашеит

Афранцыз шансонье Шарль Азнавур иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 1 азы, 95-шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 2 —Sputnik. Ашәаҳәаҩ Шарль Азнавур игәалашәара иазкны Еифель ибаа ихьыԥшшәыланы идырлашеит. Абри атәы аанацҳауеит RT Париж ахада Анна Идальго лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Париж Шарль Азнавур ихьӡала ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит. Иентәи ацҳаҿ иреиӷьу иашәақәа адырҳәалоит, аекран ду аҿы ифотосахьақәа ддырбоит. Еифель ибааш акәзар арҭ амшқәа рзы ихьыԥшшәыланы илашоит", — ҳәа лҩуеит лара Twitter аҿы.

2009 шықәса раахыс Азнавур Ермантәыла ацҳаражәҳәаҩыс Швеицариа дыҟан.