2018 шықәсазы химиаз Нобель иаԥхьахә занашьо рыхьӡ рҳәеит

Нобель иаԥхьахә зауа алауреатцәа рыҭҵаарақәа ирылшоит еиуеиԥшым ахәшәқәа раԥҵара.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. 2018 шықәсазы Нобель иаԥхьахә роуит: Френсис Арнольд, Джордж Смит, Грегори Винтер ахимиатә молекула аеволиуциа иазырхоу русумҭақәа рзы ҳәа аанацҳауеит швециатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа.

Афизиказы Нобель иаԥхьахә зауз рыхьӡқәа ҳәоуп

Арнольд — америкатәи аҵарауаҩ, анџьныр. Винтер — британиатәи абиохимик, Кембриджтәи ауниверситет апрофессор. Смит — америкатәи ахимик, Миссури ауниверситет апрофессор.

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.

2018 шықәсазы аԥхьахә иартәоит 9 миллионк швециатә крон (940 000 доллар).