Арадио

Аԥҳазоу: арҿиаҩы амати иашьҭоу ашьхыц даҩызоуп

Апоет, апублицист, ажурналист, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит арҿиаҩы изы аҳәатәы еснагь иҟоуп, амала аҳәашьа ақәшәароуп иаҭаху ҳәа. Мышқәак раԥхьа Вахтанг Аԥҳазоу 60 шықәса ихыҵит.
Sputnik
Аԥҳазоу: арҿиаҩы аматеи иашьҭоу ашьхыц даҩызоуп

"Апоет, апрозаик иаҟара аамҭа еиҷаҳауа дарбану, уи игәҭакқәа зегьы дрыхьӡар иҭахуп еснагь. Аамҭа иузацәгазоуп иаанхо. Абри ашара адәы ианықәлалак, аӡаӡа анбалак, ашьхыцқәа ашәҭқәа рыԥшаара ишаҿу, ацха ҟарҵарц амати иашьҭаланы ишцо еиԥш, арҿиаҩы еснагь дыԥшааҩуп, акы дашьҭоуп. Арҿиаҩы зегь ҟасҵеит, исылшеит ҳәа имҳәозароуп. Ажәа, ҳәарада, ираӡатәуп, абызшәа аиҿкаашьа иацклаԥштәуп. Арҿиаҩы аҳәатәы еснагь имоуп, аха аҳәашьа дақәшәозароуп, усҟан ауп ианиқәҿио", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥҳазоу.