Идлиб агуманитартә коридор ибжьысуаз аҭынч уааԥсыра ириехсит

Уаанӡа Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи еилацәажәахьан Идлиб адемилитаризациатә зона аԥырҵарц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik. Шьамтәылатәи арратә хыҵхырҭа адыррала, атеррористтә гәыԥқәа рхаҭарнакцәа Шьамтәыла аиҳабыра хылаԥшра зырҭо азонахь ииасырц зҭахыз аҭынч уааԥсыра Идлиб агуманитартә коридор рыбжьысраан ириехсуан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Атеррористтә гәыԥқәа рлахәылацәа агуманитартә коридор Абу-ед-Духур ала имҩасуаз аҭынч уааԥсыра ириехсуан. Уи оумашәа иубаша акәӡам. Дара ус ҟарҵон уаанӡагьы–аль-Вафидин ала Мрагыларатәи Гутахь риасраан", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иҭахази ахәрақәа заузи рыӡбахә еиҭаҳәам, атеррористтә гәыԥқәагьы рыхьӡқәа ҳәам.

Иара убасгьы шьамтәылатәи ар аԥшьашаҽны Хама ақалақь 35 километра инацәыхараны Идлиб апровинциа аҳәааҿы атеррористцәа ргәыԥ ажәылара ааныркылеит.