МиГ-29 Москва амҵан икаҳаит

Иҟалаз ахҭыс аҭҵааразы иаԥҵоуп акомиссиа ҷыда.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Арратә истребитель МиГ-29 Москва амҵан икаҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости азинмчратә структурақәа рхаҭарнак иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аҳаирплан каҳаит ақыҭа Дмитровское иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы. Иҟалаз зыхҟьаз амзызқәа уажәы рыҭҵаара иаҿуп. Апилотцәа рҩыџьагьы ианаамҭаз аҳаирплан ааныжьра иахьӡеит", — ҳәа амаҵзура иазеиҭеиҳәеит иара.

Иҟоу адыррақәа рыла аԥрыҩцәа аҳаирплан аиланхарҭа ҭыԥқәа ирхыганы аӡәгьы дахьнымхоз аҭыԥқәа рахь ахы дырхеит.