Ашәаҳәаҩ Монтсеррат Кабалье 86 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит

Ашәаҳәаҩ Монтсеррат Кабалье цәыбррамзазы ахәышәтәырҭахь днаган лгәамбзиара иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik. Адунеи зегьы аҟны еицырдыруа испаниатәи ашәаҳәаҩ Монтсеррат Кабалье 86 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аинформациатә маҵзура Франс Пресс адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

85-шықәса зхыҵуаз ашәаҳәаҩ цәыбррамзазы ахәышәтәырҭахь днаган лгәамбзиара иахҟьаны.

Кабалье адунеи аҟны деицырдыруа дҟалеит иҷыдоу бельканто анагӡаралеи Россини, Беллини, Доницетти рыклассикатә операқәа рынагӡаралеи. 1965 шықәсазы, Гаетано Доницетти иопераҿ Мерилин Хорн данылыԥсах ашьҭахь лыхьӡ рылаҵәеит.

Аҵыхәтәантәи аконцерттә тур Кабалье имҩаԥылгеит 2012 шықәса рзы.