Амуртәи аобласт аҿы автомашьынатә цҳа ҭаҳаит

Урыстәыла АҶА адыррақәа рыла Амуртәи аобласт, Свободныи ақалақь аҿы ацҳа ҭаҳати.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 9 —Sputnik. Амуртәи аобласт аҿы автомашьынатә цҳа ҭаҳаит, иҟоуп ааха зауз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Арегион аиҳабыра рпресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит ахҭыс мзызны иаиур шалшоз убри аамҭазы ацҳа иқәыз аидарамҩангага машьына ду.

"Ақалақь Свободныи аҿы асааҭ 10.33 (04.33 мск) рзы Транссибиртәи амагистраль амҩаду аҿы ақалақьи аихамҩатә мҩақәеи еимаздоз ацҳа ҭаҳаит. Иҟоу адыррақәа рыла уи мзызны иаиур алшоит убри аамҭазы ацҳа иқәыз аидарамҩангага машьына ду", — ҳәа аарыцҳауеит апресс-маҵзураҟынтәи.

Автомашьына аԥсҟы зкыз ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Нина Лесик лажәақәа рыла уажәы иара игәабзиара аҭҵаара иаҿуп.

Иҟалаз инамаданы аусҭҵаара хацыркуп.