Хабенски иусумҭа "Собибор" "Оскар" аиур алшоит

Акиносахьақәа хәба, "Оскар" аԥхьахә аиуразы иқәгылоу рыхьӡ рҳәоит 2019 шықәса ажьырныҳәа 22 рзы. Аԥхьахә рырҭоит жәабран 22 рзы, "Оскар" 91-тәи ацеремониаҿ.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Константин Хабенски ифильм "Собибор" "Оскар" аиуразы 87 киносахьа рсиа ианылеит "аҳәаанырцәтәи абызшәала иҭыху иреиӷьу афильм" ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аиҿкааҩцәа ражәақәа ааго.

"Оскар" аиуразы ипрединдентны иҟоуп: беларуссиатәи акиносахьа "Хрусталь" (арежиссер Дариа Жук), украинатәи акиносахьа "Донбасс" (арежиссиор Сергеи Лозниц), "Hidden Man" (китаитәи арежиссиор Цзиан Виан).