Шьамтәыла аррамаҵзура зҽацәхьазкыз зегьы амнистиа иақәшәеит

Амнистиа иаҵанакуеит 2018 шықәса жьҭаарамзанӡа аррамаҵзура зҽацәхьазкыз зегьы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik. Шьамтәыла ахада Башар Асад адҵа ҟаиҵеит аррамаҵзура зҽацәхьазкыз амнистиа рықәырҵарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Асад ипресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Асад инапы аҵеиҩит Адҵа №18 азеиԥш амнистиазы. Амнистиа иаҵанакуеит 2018 шықәса жьҭаарамзанӡа аррамаҵзура зҽацәхьазкыз зегьы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Убри аан иазгәаҭоуп амнистиа ишаҵанамкуа ашьауӷа зҽацәызыхьчаз. Арҭ ирыдгалоуп ԥшьымз рыҩныҵҟа – атәыла аҩныҵҟа иҟазар, ма фымз рыҩныҵҟа – атәыла анҭыҵ иҟазар, атәыла азинмчратә органқәа рыҽрырҭарц.