АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik. Чернигов ааигәара арратә қалақь Ичниа аҿы, асааҭ хԥа рзы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ аԥжәара ҟалеитҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Асааҭ 3:30 рзы афбатәи арсенал аиҳабы иҟынтәи адырра ҟалеит, Черниговтәи аобласт ақалақь Ичниа иаҵанакуа арра-техникатә ҵакырадгьыл аҿы аԥжәара ҟалеит ҳәа", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Арсенал атехникатә ҵакыра 402 гектар иҟоуп.
Аобласт иахьаҵанакуа зегьы аԥкыратә уснагӡатәқәа алагалоуп: адәыӷбақәеи автомашьынақәеи аанкылоуп, иаркуп аҳауатә ҵакыра.
10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра рҭыԥқәа ирхыгоуп.