АҞӘА, жьҭаара 9— Sputnik. Аамҭа-аамҭала урыстәылаа ақьаадтә тәылауҩшәҟәы рзырыԥсахраны иҟоуп аелектронтә тәылауаҩшәҟәы ала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ "Ведомости" адыррақәа шьаҭас иганы.
Иазыԥхьагәаҭоуп атәыла ауааԥсыра иаку реестр аԥҵара. Аелектронтә тәылауаҩшәҟәы аҿы еизгахоит еиуеиԥшым адокументқәа: СНИЛС, амашьынарныҟәцараз азин, егьырҭ ахаҭараз адыррақәа.
Имҩаԥгахараны иҟоу аиҭакра ахәԥса иартәоит 114,5 миллиард мааҭ рҟынӡа. Аусурагь иалагоит 2024 шықәсанӡа.