Урыстәыла атәылахьчаразы абџьархкы ҿыц аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит

Макаров итапанча (ПМ) иахьазы еиҳа массала ахархәара змоу абџьаруп урыстәылатәи ар рҿы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 10 — Sputnik. Аполигонқәа рҟны имҩаԥысуеит атәылахьчара аминистрразы абџьархкы ҿыц аҳәынҭқарратә ҭҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амашьынаргыларатә институт анаука-ҭҵаарадырратә Центр (ЦНИИТОЧМАШ) адиректор хада Альберт Баков иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аҳәынҭқарратә ԥышәара-ҭҵаарақәа мҩаԥысуеит атәылахьчара аминистрра адиректива инақәыршәаны. Убри ашьҭахь ирыдкылахоит аӡбра абџьар ҿыц Урыстәыла арбџьармчқәа рхархәарахь инашьҭхо инашьҭымхо азы", — иҳәеит иара.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ЦНИИТОЧМАШ атәылахьчара аминистрразы аус аднаулон атапанча ҿыц, "Макаров" итапанча зыԥсахуа.