"Союз" акосмодром аҟынтәи ашьҭыԥраараан амашәыр ианиеит

Акосмостә ӷбақәа "Союз" ҭрыжьуеит аракета-космостә корпорациа "Энергия" аҿы. Дара аорбитахь акосмонавтцәа мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 11 — Sputnik. Аракета-мҩангаҩ "Союз МС-10" аекипаж ҿыц аманы акосмадром аҟынтәи ашьҭыԥраараан амашәыр ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Союз МС-10" аборт аҿы иҟан амиссиа МКС-57/58 алахәылацәа — урыстәылатәи акосмонавт Алексеи Овчинини америкатәи астронавт Ник Хеиги.

РИА Новости адыррақәа рыла, аекипаж Ҟазахсҭан итәеит.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, амашәыр ҟалеит аракетамҩангаҩ актәи ахәҭа анацрыҵ ашьҭахь.