Евроеидгыла ахимиатә бџьар ахархәаразы асанкциақәа рмеханизм ҿыц иадгылеит

Асанкциақәа ирыҵаркуа атәылауааи аиҿкаарақәеи евроеидгыла ралалара азин рымырхуеит иара убас рактивқәагьы ааныркылоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 15— Sputnik. Евроеидгыла атәылақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рхадацәа ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит ахимиатә бџьар ахархәаразы асанкциақәа рмеханизм ҿыц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Уажәшьҭарнахыс Евроеидгыла иаиуеит алшара ахимиатә бџьар аус адулареи аҭыжьреи иалаҟьышьу ахаҿқәеи аиҿкаарақәеи асанкциақәа рықәҵара, дара ахьынхоит изтәылауаҩу атәылеи ирыхьмырԥшыкәа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Асанкциақәа ирыҵаркуа атәылауааи аиҿкаарақәеи евроеидгыла ралалара азин рымырхуеит иара убас рактивқәагьы ааныркылоит.