Нидерланды Урыстәыла НАТО Арктика имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа рзы аҽыԥныҳәа анаҭеит

НАТО аҵара-ҽазыҟаҵарақәа Trident Juncture ирылахәхоит 50 нызқьҩык рҟынӡа аруаа, 30 алианс алахәыла-тәылақәа рҟынтәи. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Норвегиа жьҭаара 25 инаркны абҵара 7 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 15— Sputnik. Урыстәыла арратә ӷбақәеи аҳаирпланқәеи НАТО Арктика имҩаԥнаго аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирԥырхагахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Нидерланды амшынтә аршьаҟа аоперациа анапхгара аиҳабы агенерал Джефф Макмутри, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳапрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны абаллистикатә ракетақәа рҽырцәыхьчараз аҽазыҟаҵарақәа раан уаанӡа аасҭа урыстәылатәи арратә ӷбақәа ҳааигәа-сигәа иаабон", — иҳәеит Макмурти агазеҭ Telegraph аинтервиу аҭо.

Аҽыԥныҳәа риҭоит урыстәылатәи аҳаирпланқәагьы НАТО аӷбақәа илаҟәны ирхаԥыруеит ҳәа.

НАТО аҵара-ҽазыҟаҵарақәа Trident Juncture ирылахәхоит 50 нызқьҩык рҟынӡа аруаа, 30 алианс алахәыла-тәылақәа рҟынтәи. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Норвегиа жьҭаара 25 инаркны абҵара 7 рҟынӡа.

Норвегиатәи арратә мчқәа ргенерал-леитенант Руне Иакобсен НАТО абрифинг аҿы иазгәеиҭеит алианс иалахәым Швециеи Финлиандиеи рҳауатә ҵакырақәа аадыртуеит Trident Juncture аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа.