Ахаҵа Кавказтәи аҳәырԥсcараҿы дыӡит

Ахаҵа дыҟоуп ҳәа агәызҩара ахьыҟоу аҭыԥ ахь инеиит "Кубань-СПАС" аиқәырхаҩцәеи Аладатәи аԥшаара-еиқәырхаратә отриади.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Асабша, жьҭаара 13 рзы ахаҵа ашьха Цахвоа ахь ихы рханы амҩа дықәлеит. Уи аахыс ихабар ыҟамкәа иӡит ҳәа аанацҳауеит апортал Кубанские новости.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла ҩыџьа ахацәа ашьхарахь амҩа иқәлеит, урҭ руаӡәк имҩа иԥсахит, алагер ахь шьҭахьҟа дыхнымҳәит.

Ахаҵа дыҟоуп ҳәа агәызҩара ахьыҟоу аҭыԥ ахь инеиит "Кубань-СПАС" аиқәырхаҩцәеи Аладатәи аԥшаара-еиқәырхаратә отриади.

Ахархәара аҭоуп АҶА аверталиот. Аԥшаарақәа ирҿуп.