Аҳәынҭқарратә Дума аӡыргараз азакәан апроект ҿыц аланагалоит

Адипломтәи акурстәи усумҭақәа, аҭҵаарадырратә ажәахәқәа, адиссертациақәа разырхиаразы амаҵзура аӡыргара уажәшьҭарнахыс азакәан шьаҭа амам.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik. Адипломтәи, акурстәи усумҭақәа, аҭҵаарадырратә ажәахәқәа, адиссертациақәа разырхиаразы амаҵзура аӡыргара уажәшьҭарнахыс азакәан шьаҭа амам, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адокумент азин ҟанаҵом еиқәыԥхьыӡоу аусумҭақәа рганахь ала амаҵзурақәа рӡыргара.

Урыстәыла аԥыза-министр Дмитри Медведев уаанӡа иазгәеиҭахьан аусумҭақәа иалкаау фирмак иазнархиозар, уи азакәан иаҿагылоит, аквалификациатә ҩаӡара аиуразгьы ҵаҵӷәны изыҟалом ҳәа. Асеиԥш иҟоу апрактика аҟазауаа қәыԥшцәа разыҟаҵареи рдырреи рыхәшьара обиективла азнеира иаԥырхагоуп ҳәа ишьоит аԥыза-министр.