Аҵарауаа Антарктикатәи анаҟәоуқәа "рашәаҳәара" ҭарҩит

Асеиԥш иҟоу аԥсабара аџьашьахәырақәа избар, ма иҭазҩыр зылшоны иҟоу аҵарауаа рымацара роуп, избанзар дара ахьымҩаԥысуа Адгьыл акалҭа аҿы уаҩԥсы инхарҭаӡам.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17— Sputnik. Америкатәи агеофизикатә еидгыла YouTube ахь ицәырнагеит Антарктикатәи анаҟәоуқәа "рашәаҳәара" зну авидео ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Росса ишельф аҿы антарктикатәи анаҟәоуқәа рыԥсасира аҳауа ԥха анырра шанаҭо аҭҵаараан, аҵарауаа ироуит алшара уаанӡа иазгәарымҭацыз абыжьқәа рҭаҩра.

Аҵарауаа ргәаанагарала, арҭ абыжьқәа зыхҟьо аҵааршәркыра иахагьыжьуа аԥшақәа иҟарҵо анырроуп.

Антарктикатәи анаҟәоуқәа ирхылҵуа абжьы алассра лаҟәы алоуп ишго. Уи аҭаҩразы агеофизик, аматематик Жиульен Чапут анҵамҭа 1200-нтә ирццакит.