Израиль асектор Газа ракетала иалахысуеит

Уаанӡа израильтәи аруаа асектор Газа аҟынтәи аракета шоушьҭыз азгәарҭахьан. Иара Беер-Шев асиренақәа арҿыхеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik. Израильтәи авиациа абри аҭакс аракетақәа рыла асектор Газ иалахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡа ареактивтә снариад каҳахьан 200-нызқьҩык ауааԥсыра зланхо ақалақь Беер-Шев аҿы. Ԥсыҭбара шыҟамлазгьы ахыбрақәа ааха роуит.

"Асектор Газа аҟынтәи иҭырҟьаз аракетақәа рҭакс Израиль аҳаиртә мчрақәа уа иҟоу атеррористцәа рҭыԥқәа иреихсит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Палестинатәи аган иаиуз ацәыӡқәа ртәы ҳәа аинформациа ыҟам. Аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩныҵҟа ари раԥхьатәи еидыслароуп аимак аганқәа рыбжьара.