Керчьтәи аколлеџьқәа руак аҿы аԥжәара ҟалеит: иҟоуп аԥсыҭбарақәа

Керчь ақалақь аколлеџьқәа руак аҿы аԥжәара ҟалеит. Адыррақәа рыла жәаҩаҩык рҟынӡа ҭахеит, иҟоуп ахәрақәа зауз.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17– Sputnik. Керчь ақалақь аколлеџьқәа руак аҿы аԥжәара ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Адыррақәа рыла жәаҩаҩык рҟынӡа ҭахеит, ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит.

Аҭыԥ аҿы аус руеит ацхыраара ласы аҳақьымцәа, АҶА аҟазауаа, ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа.

Урыстәыла аусҭҵааратә еилакы аусура иаҿуп, ашьаус хацыркуп.

Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит Владимир Путин иҟалаз азы адырра иҭоуп ҳәа. Атәыла ахада адҵа ҟаиҵеит ахәрақәа зауз ахәышәтырҭақәа рахь рнагара еиҿыркаарц.

Керчҟа днеиит Ҟрым ахада Сергеи Аксионов. Иара убасгьы ареспубликахь иԥрит АҶА аҳаирплан Ил-76.