Кокоринраа рдукат аишьцәа рҭагылазаашьазы агәынаӡара лымоуп

Уаанӡа ашьапылампыл асыҩ Павел Мамаев идукат Москватәи ақалақьтә ӡбарҭахь аҳәара ҟаиҵахьан Павел Мамаев АК "Краснодар" аҽазыҟаҵарақәа рахь дрышьҭларц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17— Sputnik. Александри Кирилли Кокоринраа рдукат Татиана Стукалова аишьцәа рҭагылазаашьазы агәынаӡара лымоуп. Абри атәы лҩит лара л-Instagram аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Иахьа дареи сареи ҳаицәажәон. Рҭагылазаашьа маншәалоуп. Адгылара рызҭо зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит", — лҳәеит Стукалова.

Александр Кокорини Павел Мамаеви ахәмарра азин рымырхыр алшоит

Жьҭаара ааба рзы иҟалеит адырра петербургтәи "Зенит" ажәылаҩ Александр Кокорини "Краснодар" ахьчаҩбжа Павел Мамаеви аҳҭнықалақь акаҳуажәырҭақәа руак аҿы ауаҩы дрыпҟеит ҳәа. Ирыпҟаз ауаҩы – Урыстәыла ахәаахәҭреи ааглыхреи рминистрра аусзуҩ Денис Пак, ахәшәтәырҭахь днаган.

Абри ашьҭахь даанкылан Кокорин иашьа аиҵыбгьы абри ахҭыс далахәын ҳәа.

Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла арегламент ахәҭаҷ 10 инақәыршәаны, петербургтәи "Зенит" ажәылаҩ Александр Кокорини "Краснодар" ахьчаҩбжа Павел Мамаеви ԥхьаҟазы ашьапылампыл асреи астадионқәа рҭаареи азин рымнахыр алшоит. Уи адагьы амбжьах-хымҩаԥгараз ахәҭаҷ инақәыршәаны аколониаҿ быжьшықәса ахгара рықәшәар алшоит.