Су-27 акаҳараан америкатәи аԥырҩы дышҭахаз шьақәдырӷәӷәеит Украина аҳаирмчқәа

Аистребитель Су-27 каҳаит аҵара-ҽазыҟаҵаратә ԥыррақәа раан Украина, Винницктәи аобласт аҟны. Иҭахеит ҩыџьа аԥрыҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17– Sputnik. Су-27 аҩбатәи аԥырҩы америкатәи аррамаҵзуҩы иоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Украина арратә мчрақәа рҟынтәи ахыҵхырҭақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Украина ахада Урыстәылеи дареи реиҩызаразы Аиқәшаҳаҭра аусура ааникылеит

"Арратә прокуратура ахаҭарнакцәа аҭыԥ аҿы аусура иаҿуп. Ара иҟоуп америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәагьы", — ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи ателеканал "112 Украина" акорреспондент.

Уаанӡа Украина арратә мчрақәа рыштаб Хада аҟны аҳәамҭа ҟарҵахьан Су-27 Винницктәи аобласт аҟны акаҳараан ҩыџьа аԥрыҩцәа ҭахеит, аӡәы Украина аррамаҵзуҩы иоуп, егьи Америка датәылауаҩуп ҳәа. Аамҭақәак рышьҭахь аштаб Хада рдырраҭара аҟынтәи америкатәи аԥырҩы иганахь ала аинформациа анырхит.

Аҳаирплан каҳаит асааҭ 17:00 рзы, ақыҭа Уланов аҿы.

Украина жьҭаара 8- 19 рзы имҩаԥысуеит милаҭрацәалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа "Чистое небо — 2018", НАТО атәылақәа алархәны.