Урыстәыла аусҭҵааратә Еилакы Керчь иҟалаз ахҭыс терактуп ҳәа ахырҳәааит

Керчь ақалақь аколлеџьқәа руак аҿы аԥжәара ҟалеит. Адыррақәа рыла жәаҩаҩык рҟынӡа ҭахеит, ҩынҩажәижәаҩык ахәрақәа роуит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17– Sputnik. Керчь ақалақь аколлеџьқәа руак аҿы иҟалаз аԥжәара — Урыстәыла аусҭҵааратә Еилакы аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко лажәақәа рыла, итерактуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Керчьтәи аколлеџьқәа руак аҿы аԥжәара ҟалеит: иҟоуп аԥсыҭбарақәа

"Ихацыркуп ашьаус Урыстәыла Ашьаустә Еидкыла ахәҭаҷ 205 инақәыршәаны", — лҳәеит лара.

Керчь ақалақь аколлеџьқәа руак аҿы аԥжәара ҟалеит. Адыррақәа рыла жәаҩаҩык рҟынӡа ҭахеит, ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит.

Аҭыԥ аҿы аус руеит ацхыраара ласы аҳақьымцәа, АҶА аҟазауаа, ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа.

Урыстәыла аусҭҵааратә еилакы аусура иаҿуп, ашьаус хацыркуп.

Керчҟа днеиит Ҟрым ахада Сергеи Аксионов. Иара убасгьы ареспубликахь иԥрит АҶА аҳаирплан Ил-76.