Америкатәи аруаа аибашьра иалагар ауеит ҳәа агәаанагара рымоуп

Аҭыжьымҭа Military Times азҵаарақәа знаҭаз аррамаҵзурауаа (71 процент) иазырыԥхьаӡоит аибашьра ҟалозар, изабашьуа Урыстәыла ауп, ма Китаи ауп (69 процент) ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18— Sputnik. Имҩаԥгаз азҵаара-ҭҵаарақәа реихшьалала 46 процент америкатәи аруаа агәра ганы иҟоуп мҽхакыҭбаалатәи аибашьра иалагар алшоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ҵыԥх имҩаԥгаз азҵаарақәа раан асеиԥш агәаанагара змаз рхыԥхьаӡара 5 процентк ракәын иҟаз.

Америказ еиҳа ишәарҭоу акакәны иахәаԥшуеит акибертерроризм (89 процент). Дара ргәаанагарала америкатәи ар асеиԥш иҟоу ажәылара иазыҟаҵам ишахәҭоу ала.

Ус шакәугьы ареспондентцәа рыбжаҩык агәыӷра рымоуп ртәыла арратә конфликт иалагалахарым ҳәа. Ииасыз ашықәс аан ас ихәыцуаз 67 процент ыҟан.